Рица

From Wikisource
Jump to navigation Jump to search

Умҩа сықәлеит сҽыжәлан аҳаҳаи

Сҽы кәадыруп суапа сшәыуп

Ахра аҿаҩа срывсуа снаскьалааит

Ашәак акеиҳәа исҳәап !

Риҵа сгәацаҧха, Риҵа, Риҵа !

Шаҟа уссируи, шаҟа уҧшӡоузеи Риҵа блахкыга!

Шаҟа уссируи, шаҟа уҧшӡоузеи Риҵа сгәацаҧха!

Умҩа сықәуп, сықәуп Аҳаҳаи!

Ашьха ӡышқәа срывҟьа сцоит

Знык ухиаалара сынҭаҧшыр

Анцәа илаҧш хаа саҭәоуп.

Риҵа сгәацаҧха, Риҵа, Риҵа !

Шаҟа уссируи, шаҟа уҧшӡоузеи Риҵа блахкыга!

Шаҟа уссируи, шаҟа уҧшӡоузеи Риҵа сгәацаҧха!

Асакара сықәлеит сыццакуа

Сҽы сыҵахәмаруа ицоит

Знык адәеиужь ду аҿ снаӡар

Аҧҟацаҳәа исҟьоит сҟамчы !