Ахәрашәа

From Wikisource
Jump to navigation Jump to search

Сыҧсадгьыл гәакьа ухчараз сеигӡом са схы

Сҩызцәеи, сашьцәеи рыгәымшәара сымоуп саргьы

Ахы сықәшәаргьы сызгашьа сара

Удгьыл ҳалал самоудап гәыблыла уара


Ахәрашәа узызҳоит сыҧсадгьыл

Ахәрашәа ахәра зырҕьо

Уыхьаақәа ухашҭыҧ сасшьамдгьыл

Исызгәақьоу сыҧсы зычҳароу


Иахьа иумоуп ахәра ҕәҕәала ихьанҭоуп

Иуџьабоит уҵеицәа зыҧсы ухҭаҵо

Унышә кәымпыл рықәҳаҧсап ҳнапала

Уара иуыхчап гәыблыла иугәыдуҳәҳәала


Ахәрашәа узызҳоит сыҧсадгьыл

Ахәрашәа ахәра зырҕьо

Уыхьаақәа ухашҭыҧ сасшьамдгьыл

Исызгәақьоу сыҧсы зычҳароу


Урт рышьа аауырцаз ҳкоуп тоубаны

Аҳакәиҭра ырзааҳгарц ҳагылоуп ҳахианы

Сабиҧара зрмырӡыз сашьцәа сықәлацәа

Хашьҭра шәқәны шәыҟам шәарҭ наунагӡа


Ахәрашәа узызҳоит сыҧсадгьыл

Ахәрашәа ахәра зырҕьо

Уыхьаақәа ухашҭыҧ сасшьамдгьыл

Исызгәақьоу сыҧсы зычҳароу


Ахәрашәа узызҳоит сыҧсадгьыл

Ахәрашәа ахәра зырҕьо.