0%

АМҲАЏЬЫР (И.А. Коӷониа)

From Wikisource
Jump to navigation Jump to search
"АМҲАЏЬЫР"
автор Иуа Абас-иҧа Коӷониа (1903—1928)


АМҲАЏЬЫР


Дыргеит Ҭырқәтәылан мҳаџьырра,
Даҟәыргеит иҧсадгьыл Аҧсны.
Дацәдырӡит ишьхақәа наӡаӡа,
Дахыргеит иҳабла зынӡа.

Даныргоз, ишьҭихт инышәнап,
Дыҧсаанӡа иҵәахырц убра.
Иҧсадгьыл абаҟоу – даҟәыгоуп,
Даҟәыгоуп наӡаӡа иара.

Дархәыцуеит, дарҵәыуоит итәыла,
Даныҧшқаз дзыгәдууз иара.
Даргәаҟуеит, даршаҟьоит митәыла
Иқыҭа-баҳча, икҿыҩра.

Дахгәаҟуан иҧсадгьыл ибарцы,
Дабаҟоу, днаскьагоуп иара.
Ҭырқәтәылан дагеит мҳаџьырны,
Дҭашәеит аимҵәаҩ ихәура!


1924