Аҵых ҵәца

From Wikisource
Jump to navigation Jump to search

Амра нҭашәеит,

Аҵых неигуеит,

Амза аалашеит,

Аеҵәақуа еикуаҕҕеит.


Ажәҩан еилыбзауан,

Цәымзашәа илашаны,

Аеҵәақуа жжаӡа

Инҭалон хланҵы.


Аҵых еиқушьшьы -

Иҟамызт шьҭыбжьгьы

Харатә ҧсаатә

Гомызт џьаргьы.


Снеи-ҩеиуан абарҵаҿы,

Сышьҭамлеит кыргьы.

Аҵыхгьы неигуеит,

Ашарахь иеихеит.


Аҵыхутәан, сиарҭахь,

Шьҭалара саннеи,

Схьаҧшит ажәҩан ахь,

Иагьысҳәеит абри:


Ох, аҵых ҧшӡа,

Уарҳаула ихҟьоу!

Ҳаиҧырҵышт уаргьы саргьы

Мышкызны зынӡа!

______________________1926