0%

Дад, Дад!

From Wikisource
Jump to navigation Jump to search
Дад, дад!
автор Агрба, Владимир Уасил-иҧа (1912—1937)


Дад, дад!


Дад, дад!
Иуасҳәарц сааит
Амра шгылаз иҟаҧшьӡа!
Дад, дад!
Иуасҳәарц сааит -
Адунеи зегь шыссирхаз зынӡа!

Аҵарақуа ҿыхеит,
Ашәҭқуа цәырцуеит,
Аҧстазаара иасны еилашуеит!..
Дад, дад!
Зегьы-зегь гурҕьоит,
Хуҷгьы-дугьы куаша-куашоит.

Унан, дад,
Уара иубандаз
Адунеи зегь шыҟоу ихааӡа,
Аҵарақуа
Рашәаҳәабжь уаҳандаз -
Идумкуа, иссирны, игукӡа!

Дад, дад!
Иуасҳәарц сааит
Амра шгылаз иҟаҧшьӡа!


1928